Амилаҭтә банк – Қырҭтәыла афинанстә сектор асанкциатә режим инақәыршәаны аус ауеит
«Қырҭтәыла Амилаҭтә банк, афинанстә сектор алахәылацәа рыла жәларбжьратәи асанкциақәа рықәныҟәареи, иара убас, ахатә регулиациақәеи амилаҭтә закәанҧҵареи рынагӡареи еиҧҟьарада иахылаҧшуеит», — иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҳәамҭаҿы.
«Ишдыру ала, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк адҵала, Қырҭтәыла аус зуа афинанстә сектор ахаҭарнакцәа, жәларбжьаратәи асанкциақәа рыҳәарақәа нарыгӡоит. Убри адагьы, 2023 шықәса нанҳәа 4 рзы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада иҟалҵаз адҵа № 208/04 инақәыршәаны, жәларбжьаратәи афинанстә санкциақәа рхархәара иазку аконкреттә зҵаарақәа ҳәаақәҵоуп.
Лымкаала, зыӡбахәы ҳәоу адҵа инақәыршәаны, Қырҭтәыла атәылауаҩ изы асанкциатә режим амч аиуеит Қырҭтәыла аӡбарҭа хымҧадатәи аиуристтә мчы змоу ахарадҵаратә зыӡба анаднакылалак ашьҭахь. Анагӡатәу асанкциақәа рхархәара иазку азеиҧш принцип иарбоуп зыӡбахәы ҳәоу адҵаҿы.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк, афинанстә сектор алахәылацәа рыла жәларбжьратәи асанкциақәа рықәныҟәареи, иара убас, ахатә регулиациақәеи амилаҭтә закәанҧҵареи рынагӡареи еиҧҟьарада иахылаҧшуеит.
Абрааҵәҟьа иазгәаҳҭар ҳҭахуп Қырҭтәыла афинанстә сектор асанкциатә режим инақәыршәаны аус ишауа. Қырҭтәыла ахаангьы асанкциақәа рыцәцара ҭыҧны иҟамызт, егьыҟалом», — иануп Амилаҭтә банк аҳәамҭаҿы.