Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа еиҵнатәит  10 наӡынанӡа
Амилаҭтә банк амонетатә политика азыҧҵәа еиҵнатәит  10 наӡынанӡа

2023 шықәса цәыббра 13 рзы Қырҭтәыла Амилаҭтә банк Амонетатә политиказы акомитет аӡбара аднакылеит  аҧара-акредиттә политика (аицфинансыркра азыҧҵәа)  0,25 наӡынатә пунктқәа рыла аиҵатәра иазкны.  Амонетатә политика азыҧҵәа  10 наӡынак иаҟароуп.

Амилаҭтә банк адыррала, аинфлиациа шылаҟәгьы, аинфлиациатә шәарҭарақәа ҧасеиҧш  иҳаракуп.

«Ашәарҭарақәа зегьы иазҧхьагәаҭаны,  Қырҭтәыла Амилаҭтә банк иџьбароу аҧара-кредиттә политика мап ацәкра нанагӡоит. Аҧара-акредиттә политиказы акомитет  аҧара-акредиттә политика азыҧҵәа еиҵнатәит  0,25 анаӡынатә пунтқәа рыла.  Аинфлиациа аганахьала иҟоу атенденциақәеи апрогнозқәеи иазҧхьагәаҭаны, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк, аҳасаббаратә азыҧҵәа анормализациа нанагӡоит имццакыкәа.

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк имҩаҧысуа аекономикатә процессқәеи афинанстә џьармыкьақәеи еиҧҟьарада ирыцклаҧшуеит, алшарақәа зегьы рхы иадырхәоит ахәқәа рҭышәынтәалара аиқәыршәаразы.

Амонетатә политиказы акомитет анеҩстәи аилатәара мҩаҧгахоит  2023 шықәса жьҭаара 25 рзы», — ирҳәеит Амилаҭтә банк аҿы.