Амилаҭтә банк адыррақәа рыла, жәамз ирылагӡаны аахәарақәа 1.8 млрд доллар иаҟарахеит, жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа 5.6 миллион доллар еиҳахеит
Авалиутатә џьармыкьаҿ аҭагылазаашьа иашьашәаланы, Қырҭтәыла Амилаҭтә банк жәларбжьаратәи арезервқәа рхарҭәаара нанагӡоит.
Жьҭааразы Амилаҭтә банк, Bmatch аплатформаҿ имҩаҧнагаз аинтервенциақәа рыла, авалиуатә резервқәа ханарҭәааит 167.4 миллион адолларла, жьҭааразы иҟоу аҭагылазаашьа ала, жәларбжьаратәи арезервқәа рҭаӡара 5.6 миллиард адоллар иаҟароуп.
“Жәларбжьартәи авалиутатә резервқәа атәыла амакроекономикатә ҭышәынтәалара еиқәдыршәоит. Убри аҟынтә, Амилаҭтә банк, еснагь арезервқәа рхарҭәаара иазҿлымҳауп. Аџьармыкьаҿ уи еиҧш алшара аныҟоу, Амилаҭтә банк атәыла жәларбжьаратәи арезервқәа азнарҳауеит.
2025 шықәсазы Амилаҭтә банк имҩаҧнагеит абарҭ авалиутатә интервенциақәа: ажьырныҳәа-жәабран азы Bmatch аҿы аахәарақәа мҩаҧгамызт; хәажәкыра – Bmatch аплатформаҿы иаахәан 101.7 миллион адоллар; мшаҧы – Bmatch аплатформаҿы иаахәан 266.4 миллион адоллар; лаҵара – Bmatch аҿы иаахәан 245.4 миллион адоллар; рашәара – Bmatch аҿы иаахәан 266.0 миллион адоллар; ԥхынгәы – Bmatch аҿы иаахәан 416.9 миллион адоллар; нанҳәа – Bmatch аҿы иаахәан 199.6 миллион адоллар; цәыббра – Bmatch аҿы иаахәан 100.0 миллион адоллар; жьҭаара – Bmatch аҿы иаахәан 167.4 миллион адоллар.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк авалиутатә џьармыкьаҿы имҩаҧнагаз аоперациақәа ирызку ирҿыцу аинформациа цәырнагоит 2025 шықәса ԥхынҷкәын 25 рзы”, – иануп Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аланарҵәаз аинформациа аҿы.