Амилаҭтә  ашьапылампылтә аизга  Қырҭтәылаҟа ахынҳәра инамаданы,  ҧхынгәы  ҩба рзы агәырҕьаратә  усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит
Амилаҭтә  ашьапылампылтә аизга  Қырҭтәылаҟа ахынҳәра инамаданы,  ҧхынгәы  ҩба рзы агәырҕьаратә  усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит

Амилаҭтә  ашьапылампылтә аизга  Қырҭтәылаҟа ахынҳәра инамаданы,  ҧхынгәы  ҩба рзы агәырҕьаратә  усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит. Ари аинформациа аладырҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра.

Аиҳабыра ринформациа ишану ала, аусмҩаԥгатәқәа иалагоит асааҭ  22:00 рзы.

“Рашәара  2,  асааҭ 22:00 рзы  Ахақәиҭра ашҭаҿы ҳаиқәшәоит. Ҳшьапылампылтә аизга ҳаицҧылап, ҭабуп ҳәа еицраҳҳәап.  Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыӡрашәа еицаҳҳәап, ақырҭуа ашьапылампылтә џьашьахәы иазгәаҳҭап. Асааҭ 21:30 рзы ашьапылампылтә аизга   Михаил Месхи истадион аҟынтәи Ахақәиҭра ашҭа аҟынӡа иаарту автобусла аныҟәара иалагоит. Асааҭ 22:00 рзы, Ахақәиҭра ашҭаҿы – Қырҭтәыла зегьы ахьӡала ашьапылампылтә аизга алахәылацәа зегьы ҭабуп ҳәа раҳҳәоит”, –  иануп аинформациаҿы.

Қырҭтәыла ашьапылампылтә аизга Германтәылантә ихынҳәуеит ҧхынгәы 2 рзы.