Амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа  Agile Spirit 2023 хыркәшоуп
Амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа  Agile Spirit 2023 хыркәшоуп

Вазиани 11-тәи аполигонаҿ имҩаҧысуаз амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа  Agile Spirit 2023 хыркәшоуп.

Атәылахьчара аминистрра аинформациа ишану ала, азыҟаҵарақәа рыркра ацеремониаҿы дықәгылеит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе.

Аминистр жәларбжьаратәи азыҟаҵарақәа рҵакы азгәаҭаны, астратегиатә партниор хада – Америка ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит азыҟаҵарақәа рпланшьҭыхреи рымҩаҧгареи азы, иара убас, қәҿиарала азыҟаҵарақәа рхыркәшара рыдиныҳәалеит.

Agile Spirit 2023 хықәкыс иамоуп Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәеи, Америка Иеиду амчқәеи, адгылаҩцәеи апартниорцәеи рымчқәеи атактикатә аҩаӡараҟны реишьашәалазаара аиҕьтәреи, амилаҭрацәаратә лагылазаараҿы аоперациақәа рпланшьҭыхра аиҕьтәреи, аоперативтә алшарақәа рырҕәҕәареи.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.