Амилаҭқәа рлига плеи-офф аҿы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи еиԥылоит #1TVSPORT
Швеицариатәи Ньон аҿы Амилаҭқәа рлига 2024/2025 плеи-офф аҽалархәразы аҵәҭарԥсара мҩаԥган, В алигаҿ аҭыԥ ахьчаразы Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи еиԥылоит.
В алигаҿ ахԥатәи аҭыԥқәа аанызкылаз аизгақәа (Қырҭтәыла урҭ рыбжьара), актәи акалаҭ ақәшәеит, С алигаҿ иҟоу аҩбатәи аҭыԥ аанызкылаз ԥшьгәыԥк – аҩбатәи акалаҭ.
B/C алига плеи-оффқәа рматчқәа хәажәкыра 20-23 рзы мҩаԥгахоит. Хәажәкыра 20 рзы Қырҭтәыла амилаҭтә еизга ахәмарра Шәамахьтәыла мҩаԥнагоит, хәажәкыра 23 рзы ашәамахьцәа иаҳҭаауеит.