Амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа мшаԥы азы 15-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә адепортациа рзыруит
Амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа мшаԥы азы 15-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә адепортациа рзыруит

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа хәажәкыразы 15-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә адепортациа рзыруит», – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.

Аминистрра адыррақәа рыла, атәымтәылауаа рыхәҭак рхатә гәаҧхарала атәыла иалҵит, егьырҭ мчыла  адепортациа рызун. Азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәыла алалара азин рымам.

Қырҭтәылантә адепортациа рызун абарҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа: Ҭырқәтәыла,  Нигериа, Индиа, Туркменистан, Китаи, Мысра, Иорданиа, Румыниа,  Џьамтәыла, Бангладеш, Ливан, Урыстәыла –  зынӡа 15-ҩык.