Амиграциа азҵаарақәа рзы адепартамент аусзуҩцәа быжьҩык атәымтәылауаа ааныркылеит, уажәазы урҭ атәылантә ралцара апроцедурақәа мҩаҧысуеит
Амиграциа азҵаарақәа рзы адепартамент аусзуҩцәа быжьҩык атәымтәылауаа ааныркылеит, уажәазы урҭ атәылантә ралцара апроцедурақәа мҩаҧысуеит
Азакәандаратә миграциа иаҿагыло ақәҧара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Амиграциа азҵаарақәа рзы адепартамент аусзуҩцәа аиммиграциатә агәаҭаратә усмҩаҧгатә мҩаҧыргеит. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.
Аминистрра аинформациа ишану ала, дара ироуз адыррақәа рышьаҭала, адепартамент аусзуҩцәа аконкреттә локациақәа гәарҭан, азакәантә ашьаҭада Қырҭтәыла иҟоу атәымтәылауаа аадырҧшит.
«Акомплекстә усмҩаҧгатә абзоурала, быжьҩык атәымтәылауаа аанкылоуп. Урҭ иреиуп Индиеи Нигериеи ртәылауаа. Ишеилкаахаз ала, арҭ ауаа атәыла аҵакырадгьылаҿ иҟан азакәантә ашьаҭада.
Зыӡбахәы ҳәоу ауаа Амиграциа азҵаарақәа рзы адепартамент Аамҭалатәи аныҟәгара ацентр аҿы иҟоуп. Урҭ атәылантә ралцаразы иашьашәалоу апроцедурақәа мҩаҧысуеит“», — иануп аҳәамҭаҿы.