Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартаменти аминистрра иашьашәалоу аҟәшақәеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы еицымҩаҧыргаз акомплекстә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, 22-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит.
АҩАР аинформациа ала, атәыла иалырцеит: Мысра, Ҭырқәтәыла, Туркменистан, Индиа, Иорданиа, Џьамтәыла, Шьамтәыла, Пакистан, Урыстәыла, Кениа, зынӡа 22-ҩык.
Қырҭтәыла АҩАР адыррақәа рыла, атәымтәылауаа рыхәҭак рхатә гәаҧхарала атәыла иалҵит, егьырҭ мчыла адепортациа рызун. Азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәыла алалара азин рымам.