Амуниципалитет ахадара аҳҭнықалақь аҿы иҟоу аметро ааҭгыларақәа рырҽеиразы жәларбжьаратәи тендерқәа рыланаҳәоит, избан акәзар аҭыԥантәи еилыхәырақәа абри еиԥш аусурақәа рымҩаԥгаразы аԥышәа рымам, – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе ари азҵаара данахцәажәоз.
Калаӡе иажәақәа рыоа, жәларбжьаратә афинанстә еилахәырақәа рҟны аконсультациақәа мҩаԥысуеит, хара имгакәа аметро ааҭгылрақәак рырҽеира апроект цәырыргоит.