Америка ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Колин Пауелл иҧсҭазаара далҵит
Америка ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Колин Пауелл иҧсҭазаара далҵит

Америка ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Колин Пауелл 84 шықәса шихыҵуаз иҧсҭазаара далҵит. Ари аинформациа аланарҵәеит CNN.

Колина Пауелл иҭаацәара иҟарҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, ҧасатәи аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ акоронавирустә инфекциа амшала дыҧсит.

Колин Пауелл Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩс дыҟан  2001 шықәса инаркны 2005 шықәсанӡа,  Џьорџь Буш – аиҵбы иадминистрациа аан.