Америка еиҿыркааит аусеилыргареи Мраҭашәараҿ аурыс елита рфинанстә активқәа рымхреи иазку жәларбжьаратәи агәыҧ
Америка еиҿыркааит аусеилыргареи Мраҭашәараҿ аурыс елита рфинанстә активқәа рымхреи иазку жәларбжьаратәи агәыҧ. Агәыҧ иалахәып Австралиеи, Британиа Дуи, Канадеи, Иапониеи, Германтәылеи, Франциеи, Италиеи, Еврокомиссиеи. Аинформациа аланарҵәеит Америка Аҧараҵәахырҭа адепартамент.
Адепартамент анапхгаҩы Џьанет Иелени Америка апрокурор хада Меррик Гралланди агәыҧ алахәылацәа рҟны раҧхьатәи аиҧылара мҩаҧыргахьеит.
«Америка азинхьчаратә органқәа рдыррақәа рыла, хымчыбжь рыла аҳәаанырцәтәи апартниорцәа, асанкциақәа ззышьақәыргылоу ахаҿқәа иртәу аҕбақәа ааныркылеит», — ирҳәеит адепартамент аҿы.
Уажәазы аусуратә гәыҧ алахәылацәа 50ҩык рфинанстә активқәа ирышьҭоуп.