Америка ахаҭарнакратә палата Украина арратә цхыраара апакет азоужьҭра иадгылеит
Америка ахаҭарнакратә палата Украина арратә цхыраара апакет азоужьҭра иадгылеит

Америка ахаҭарнакратә палата Украина 60,8  миллиард адоллар арратә цхыраара апакет азоужьҭра иадгылеит.

Азакәанпроект иадгылеит  311ҩык, 112ҩык иақәшаҳаҭымхеит.

Апроцедура инақәыршәаны, уажәы азакәанпроект Сенат аднакылароуп, убри ашьҭахь адокумент инапы аҵаиҩуеит Америка ахада Џьо Баиден.

Америка аофициалтә хаҿқәа ажурналистцәа ишрарҳәаз ала, Украина аибашьыгақәа аиур ҟалап мчыбжьык аҩныҵҟала.

Аҩны шкәакәа апресс-маӡаныҟәгаҩ ишиҳәаз ала, Америка ахада, зыҧшра ҟамҵакәа адокумент инапы аҵаиҩуеит.