Амедиа  адыррала, Молдова аиҳабыра ирҿагылаз акциаҿы аполициа аусзуҩцәа 50-ҩык раҟара ааныркылеит
Амедиа  адыррала, Молдова аиҳабыра ирҿагылаз акциаҿы аполициа аусзуҩцәа 50-ҩык раҟара ааныркылеит

Амедиа  адыррала, Молдова аиҳабыра ирҿагылаз акциаҿы аполициа аусзуҩцәа 50-ҩык раҟара ааныркылеит. Амедиаҿы аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны,  акциа ахәылацәа атәыла ахада ламхреи, апарламент аиужьҭреи, изаамҭаным алхрақәеи иаҳәон.

„Маиа Санду даҧыргатәуп“, – абри адевизла Молдова аҳҭнықалақь агәҭаны адемонстрациа мҩаҧган. Аполициа аусзуҩцәа ишырҳәаз ала, иаанкылоу ауааҧсыра акциаҿы апровокациақәа мҩаҧыргар рҭахын.

Акциа еиҿызкааз апартиа  „Шор“ ахаҭарнакцәа  аҵыхәтәантәи амшқәа рзы атәыла аиҳабыра ирҿагыланы иакымкәа акциақәа мҩаҧыргеит. Азинхьчаҩцәа апартиа аофис еимырдеит.

Убри аамҭазы, Молдова ахада Маиа Санду, Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен  аенергетикатә зҵаарақәа рзы длацәажәеит. Еврокомиссиа ахада иааиуа амчыбжь азы визитла  Молдова днеираны  дыҟоуп.