Амҵәышәмпылтә матч ианамаданы, цәыббра 10 рзы Рига ахырхарҭала даҽа реиск нагӡахоит
Амҵәышәмпылтә матч ианамаданы, цәыббра 10 рзы Рига ахырхарҭала даҽа реиск нагӡахоит

Қырҭтәыла аԥыза-министр иӡбарала, амҵәышәмпылтә матч ианамаданы, цәыббра 10 рзы Рига ахырхарҭала даҽа реиск нагӡахоит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аекономика аминистрра аҟынтә.

Евробаскет-2025 афинал аҧшьбаракахь ииасыз Қырҭтәыла аизга аҭоурыхтә ақәҿиара инамаданы, Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидҵара  Евробаскет-2025 аҿы амилаҭтә аизга азгәыбылҩцәа рзы асубсидиақәа ззоушьҭу даҽа ачартертә реиск мҩаҧнагоит.

Асубсидиақәа ззоушьҭу Air Baltic ареис Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә Ригаҟа идәықәлоит цәыббра 10, асааҭ  07:00 рзы,  азгәыбылҩцәа Қырҭтәылаҟа ихынҳәуеит цәыббра 11, асааҭ 04:25 рзы.

«Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидҵара асубсидиақәа ззоунашьҭуа ареис азы ганкахь абилет  195 евро иаҧсоуп. Абилетқәа раахәара ҟалоит онлаин-платформа TKTFLY.GE/eurobasket аҿы.

Қырҭтәылеи Финлиандиеи реизгақәа рматч мҩаҧысуеит цәыббра 10 рзы. Ахәмарра иалагоит  қарҭтәи аамҭала асааҭ 18:00 рзы.

Зыӡбахәы ҳәоу ареис рхы иадырхәар рылшоит Евробаскета-2025 аматч азы абилетқәа змоу апассаџьырцәа мацара», — иануп Қырҭтәыла Аекономика аминистрра аҳәамҭаҿы.