Алуда Ӷудушаури - Алхратә бариер азҵаара аркуп, арадикалтә оппозициаа рҟны аибыҳәара хадас иҟан аполиаризациа армаҷразы ашьаҿақәа рыҟаҵара, аха урҭ  зынӡаск даҽакала ҟарҵеит
Алуда Ӷудушаури - Алхратә бариер азҵаара аркуп, арадикалтә оппозициаа рҟны аибыҳәара хадас иҟан аполиаризациа армаҷразы ашьаҿақәа рыҟаҵара, аха урҭ зынӡаск даҽакала ҟарҵеит

Апарламенттә аиҳара ахаҭарнак Алуда Ӷудушаури иажәақәа рыла, алхратә бариер азҵаара аркуп.

Алуда Ӷудушаури иажәақәа рыла, алхратә бариер иазку азҵаара ахәаԥшразы арадикалтә оппозициаа рҟны аибыҳәара хадас иҟан аполиаризациа армаҷразы ашьаҿақәа рыҟаҵара, аха урҭ зынӡаск даҽакала ҟарҵеит.

„Зегьы ибзианы иҳгәалашәоит шықәсык аԥхьа ари иадҳәаланы иҟаҵаз аҳәамҭақәеи иҟаз апозициақәеи. Ианаамҭаз ари ахцәажәара ҟалоит ҳәа хгәы иаанагон, аха ари 2021 шықәсазы иҟаларын. Арадикалтә оппозициаа рҟны аибыҳәара хадас иҟан асаботажи, аилаҩынтреи ракәым, аполиаризациа армаҷреи, атәыла аинтересқәа рыхьчареи рхырхарҭала ашьаҿақәа рыҟаҵара, аха урҭ зынӡаск даҽакала ҟарҵеит.

Урҭ аполиаризациа иаҳа дырцәгьеит. Ари иазкны Қырҭтәыла аԥышәа цәгьаа моуп. Илаҟәу абариер ала апарламент алалара ахаан ажәлар рзы ихырҳагоу акгьы рзаанамгеит. Ҳара хықәкыс иҳамоуп ауси, атәылеи ажәлари ринтересқәа рахь аориентациа змоу парламент аиҿкаара“, – иҳәеит Алуда Ӷудушаури.