Алеқсандре Хвҭисиашвили - Афганистан Қырҭтәыла атәылауаа ралгаразы, аиҳабыра аҳаирплан рышьҭуеит
Адәныҟатәи аусқәа рминистреи Аиҳабыра рдминистрациеи, Аԥыза-министр идҵала, активла аус руеит Афганистан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рыҧсадгьылахь рырхынҳәразы, – иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандре Хвҭисиашвили .
Алеқсандре Хвҭисиашвили иажәақәа рыла, Афганистан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа иаха аҳаирбаӷәазахь изымнеит, убри аҟынтә урҭ абазаҿ ианхеит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҧыза-министр иусбарҭеи активла аус руеит Афганистан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рыҧсадгьылахь рырхынҳәразы. Урҭ иацы иаҳзасын, Қырҭтәылахь раагара аус аҿы ацхыраара иҳаҳәеит. Асааҭ 14:00 рзы Қабултәи аҳаирбаӷәазантә ареис ҷыдала урҭ аԥсадгьыл ахь ихынҳәыр акәын, аха Қырҭтәыла атәылауаа иаха аҳаирбаӷәазахь изымнеит, убри аҟынтә урҭ абазаҿ ианхеит. Ҳтәылауаа рырхынҳәра азҵаара аус адулара ҳаҿуп. Иҳадаҳкылаз аӡбара инақәыршәаны, Афганистан Қырҭтәыла атәылауаа ралгаразы, аиҳабыра аҳаирплан ҳашьҭуеит,” – иҳәеит Алеқсандре Хвҭисиашвили.
Аминистра аинформациа ала, Афганистан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа ԥасатәи аруаа роуп, урҭ хазхаҭалатәи еилахәырақәа рҿы аус руеит. 17-ҩык аус руеит канадатәи еилахәыраҿ, фҩык – америкатәи еилахәыраҿ.