88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит афранцыз актиор, акино алегенда, акинорежиссиор, асценарист Ален Делон. Аинформациа аладырҵәеит Делон иҭаацәара.
Ален Делон иакымкуа ҳамҭақәа ианашьан, урҭ иреиуп ахаҵа ироль иреиӷьу анагӡаразы “Сезар”, ианашьан пату зқәу алегион аорден.
Ахәаԥшцәа зегь реиҳа бзиа ирбоит Ален Делон ифильмқәа “Амра шаша”, “Рокои иашьцәеи”, “Леопард”, “Атиульпан еиқәаҵәа”.