Алексеи Арестович украинатәи мчқәа урыстәылатәи аракета карыжьит ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа агха дуун ҳәа ааицҳан, Днипро ауаԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаиҵоит
Украина ахада иофис абжьагаҩ Алексеи Арестович украинати мчқәа урыстәылатәи аракета карыжьит ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа агха дуун ҳәа ааицҳан, Днипро ауаԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаиҵоит. Ари азҵаара уи Марк Феигин Youtube иканал аефир аҿы дахцәажәеит.
Арестович ишазгәеиҭаз, асоциалтә каҭаҿы иҳәамҭа ахцәажәара ацәқәырԥа ауааԥсыра ргәалаҟазаара ма иара ихырхарҭала еиҿкааз ажәылара иахҟьан.
“Ари еиҿкааз кампаниан, ирҭахымкәа аибашьрала атравмақәа зауз ауаа уи рхы аладырхәит”, – иҳәеит Арестович.
Украина ахада иофис абжьагаҩ Алексеи Арестович Днипро ауаԥсыра рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭаиҵеит.
Украина ахада иадминистрациа абжьагаҩ Алеқсеи Арестович ааицҳаит украинатәи ақалақь Днипро анхарҭатә ҩны украинатәи аҳаирхьчаратә системала икажьыз аракета аҧҽыхақәа ақәҳазшәа, ари аракета акаҳараан иҧжәазшәа.
Ажьырныҳәа 14 рзы урыстәылатәи арбџьармчқәа еиҭах Украина атәылауаҩратә инфраструктура иажәылеит, украинатәи ақалақьқәа ирыларыжьит 38 аракетақәа, урҭ руакы, аракета Х-22 Днипро ақалақьаҿ анхарҭатә ҩны иақәҳаит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, уаҟа иҭахеит 30-ҩык.