Алеко Елисашвили – Зеленски дыҷкәына бзиоуп, дџьасшьоит, аха, Қырҭтәыла иадҳәаланы идикылаз аӡбара – аполитикатә агхоуп
«Зеленски дыҷкәына бзиоуп, дџьасшьоит, аха, Қырҭтәыла иадҳәаланы идикылаз аӡбара – аполитикатә агхоуп», — иҳәеит апартиа «Атәылауаа» алидер Алеко Елисашвили Қырҭтәыла Актәи аканал аинтервиу аҿы.
Иара иажәақәа рыла, Зеленски Қырҭтәыла азҵаарақәа рзы абжьагаҩ димоуп, Арахамиа, иара Саакашвили заҵә изы диацәажәозар ҟалап.
«Уи сгәы канажьит, сара уи сақәшаҳаҭым. Зеленски дыҷкәына бзиоуп, дџьасшьоит, аха, Қырҭтәыла иадҳәаланы идикылаз аӡбара – аполитикатә агхоуп. Иара Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара даҧхьахьазар, уи еиҧш ашьаҿа аҟаҵара ихәҭамызт, избанзар, адипломатиатә бызшәала иаҳҳәозар, ацҳаражәҳәаҩ иқәцара ашьҭахь аибашьра иалагоит, уи зиҭаху сзеилкаауам. Ишубарҭоу ала, Зеленски Қырҭтәыла азҵаарақәа рзы абжьагаҩ димоуп, Арахамиа, иара Саакашвили заҵә изы диацәажәозар ҟалап. Зеленски изеилкаауам Саакашвили ишьҭахь ишгылоу Украина иадгыло Қырҭтәыла. Украина аҩныҵҟагьы ари аӡбара згәамҧхаз рацәоуп», — иҳәеит Алеко Елисашвили.