Алеко Елисашвили - Иракли Бераиа ихымҩаҧгашьа игәырхынҳәыган, иара инапынҵақәа шьҭаиҵаанӡа сара акомитет аилатәарашҟа снеиуам
Алеко Елисашвили - Иракли Бераиа ихымҩаҧгашьа игәырхынҳәыган, иара инапынҵақәа шьҭаиҵаанӡа сара акомитет аилатәарашҟа снеиуам

Аоппозициатә депутат Алеко Елисашвили ишиҳәаз ала, Иракли Бераиа атәылахьчареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы иҭыҧаҿ инапынҵақәа шьҭаимҵар, иара акомитет далҵуеит.

Елисашвили ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, Иракли Бераиа аҭамзаара шьҭеиҵеит, аха уи акгьы иаанагом, иара, инапынҵақәа шьҭаҵаны,  ихымҩаҧгашьазы аҭакҧхықәра игароуп.

«Иацтәи ахҭыс ашьҭахь ари акомитет алахәызаара сацәыҧхашьоит. Иракли Бераиа ихымҩаҧгашьа игәырхынҳәыган. Абри аҩыза ажәақәа ирмазеины аҧҳәыс ишлеиҳәаз сзеилкаауам. Аҭамзаара шьҭеиҵеит, аха, уи акгьы иаанагом, иара зыҧшра ҟамҵакәа инапынҵақәа шьҭеиҵароуп.  Ҳара ҳазынтьгьы адепутатцәас ма акомитет ахантәаҩцәас ҳмиит, раҧхьа иргыланы, ауаҩра ҳалазароуп. Ахаҵа, раҧхьа иргыланы, ихы пату ақәиҵароуп, аҧҳәыс абас лацәажәара ҟалом, сара абасоуп аҧсҭазаара сшахәаҧшуа», — иҳәеит  Элисашвили.

Иацы атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Иракли Бераиа, НАТО Апарламенттә Ассамблеиаҿы қәҿиарада аусура ихаразҵаз  адепутат Ҭеона Ақубардиа амцҳәаҩы ҳәа лзиҳәеит.

«Ҭеона Ақубардиа НАТО Апарламенттә Ассамблеиа азалаҿ дыҟамызт. Лара хәаахәҭра дцазар ҟалап, мамзаргьы, арыжәтә мыцхәы ашьҭахь дзымгылазар ҟалап», — иҳәеит  Иракли Бераиа.