Иҟоу адыррақәа рыла, азакәанхьчаҩцәа Ваке хаҿқәак ааныркылеит, урҭ дреиуп Зураб Џьаԥариӡе
Асоциалтә ҳаҿы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, азакәанхьчаҩцәа Ваке, Ҭамарашвили имҩаҿ, хаҿқәак дааныркылеит, урҭ дреиуп “Акоалициа аԥсахрақәа рзы” алидерцәа руаӡәы Зураб Џьаԥариӡе.
Аинформациа ала, Русҭавели имҩаду аҟынтә Ҷавҷаваӡе имҩаду ашҟа ииасыз амитинг алахәылацәа, Ваке апарк аԥхьа амҩа аркра рҽазыркит.
Азакәанхьчаҩцәа амитинг алахәылацәа ари алшара рырымҭан, аҭыԥ аҿы аиҿагылара ҟалеит.
Аполициа хаҭарнакцәеи акциа алахәылацәеи еиҿагылеит.