АКХ - Саломе Зурабишвилии аинтерес змоу аганқәеи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит иҵаҵӷәырку ашьақәырӷәӷәага аадырԥшырц, ма шьаҭа змам ахарадҵарақәа раларҵәара иаҟәыҵырц
АКХ - Саломе Зурабишвилии аинтерес змоу аганқәеи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит иҵаҵӷәырку ашьақәырӷәӷәага аадырԥшырц, ма шьаҭа змам ахарадҵарақәа раларҵәара иаҟәыҵырц

Қырҭтәыла Алхратә Комиссиа Хада аланарҵәаз аҳәамҭаҿ иашну ала, Қырҭтәыла ԥасатәи ахада АКХ Саломе Зурабишвилии аинтерес змоу аганқәеи рахь ааԥхьара ҟанаҵоит иҵаҵӷәырку ашьақәырӷәӷәага аадырԥшырц, ма шьаҭа змам ахарадҵарақәа раларҵәара иаҟәыҵырц.

«Қырҭтәыла ахәбатәи ахада Саломе Зурабишвили алхратә администрациа адискредитациа налыгӡоит. Лара, жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз алхрақәа ирызкны Британиа Ду апарламент Адәныҟатәи усқәа ркомитет аҿы данықәгылоз, ашьаҭа змам аҳәамҭақәа ҟалҵеит. Саломле Зурабишвили иҵаҵӷәыркым, ашьақәырӷәӷәага змам ахарадҵарақәа цәылылгеит.

Аинтерес змоу аганқәа зегьы ирдыруеит жьҭаара 26 рзы имҩаԥгаз апарламенттә алхрақәа раан алхрақәа рылҵшәақәа рнырра зылшоз аилагарақәа аҭыԥ шрымамыз.

Ишәгәалаҳаршәоит, Алхратә комиссиа хада (АКХ) апрокуратура ахь ааԥхьара ҟанаҵеит ахадеи, аполитикцәеи, хаҭалатәи ахаҿқәеи алхрақәа реилахәара иазкны иҟарҵо аҳәамҭақәа ирыдҳәаланы аусԥшаара иалагарц. Алхрақәа реилахәара иазкны иҟалҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы Қырҭтәыла ахада апрокуратурашҟа дааԥхьан, аха иконкрету ашьақәырӷәӷәага аарԥшра лылыишеит.

Абри еиԥш ахара ҳақәызҵо ахадеи аинтерес змоу аганқәеи Саломе Зурабишвилии рахь даҽазнык ааԥхьара ҟаҳҵоит иашьашәалоу  арҵабыргра аадырԥшырц ма ашьаҭа змам ахарадҵарақәа рҟынтә рҽааныркыларц», — иануп АКХ аҳәамҭа аҿы.