Актриса Џьина  Лоллобриџьида  95 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит
Актриса Џьина  Лоллобриџьида  95 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит

Италиатәи актриса Џьина  Лоллобриџьида  95 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит. Лдукат  Reuters ишазааицҳаз  ала, лара Рим ахәышәтәырҭаҿ дыҧсит.

Џьина  Лоллобриџьида   1950-тәи ашықәсқәа рзы Европа зегьы реиҳа ипопулиарыз актрисацәа дреиун.  Лара апремиа  «Ахьтәы глобус» ланашьан.

Италиатәи  актриса лкинокариера иалагеит  18 шықәса анылхыҵуаз, аха, жәларбжьаратәи азхаҵара лоуит  афильмқәа   «Нотр-Дам де Пари»-и «Фанфан-тиульпан»-и  рҿы иналыгӡаз  арольқәа  рыбзоурала, убри ашьҭахь Голливудҟа ааҧхьара лырҭон.

1960-тәи ашықәсқәа рзы лкинокариера хлыркәшеит, аха,  афотоҭыхреи аполитикеи дазҿлымҳан.

Џьина  Лоллобриџьида  лассы-лассы адунеи зегьы реиҳа иҧшӡоу аҧҳәыс ҳәа лзырҳаәлон.  2018 шықәсазы, Голливуд,  Ахьӡ-аҧша аллеиаҿ лыеҵәа  аадыртит.