Актәи ашьаҟартә бригада аԥшыхәратә гәыԥ адәытә ситуациатә зыҟаҵарақәа рзымҩаԥган
Актәи ашьаҟартә бригада аԥшыхәратә гәыԥ адәытә ситуациатә зыҟаҵарақәа рзымҩаԥган

Атәылахьчара аминистрра иаҵанакуа мрагыларатә ар рԥызара Актәи ашьаҟартә бригада аԥшыхәратә гәыԥ адәытә ситуациатә зыҟаҵарақәа рзымҩаԥган.

Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, азыҟаҵарақәа хәымш мҩаԥысуан, арратә маҵзуҩцәа еиуеиԥшым аҭыԥқәеи арелиефқәеи рҿы ҽынлеи уахынлеи рыдҵақәеи аԥыԥшратә операциақәеи нарыгӡон.

Азыҟаҵарақәа раан рхы иадырхәит аҵаратә гранатақәеи, апиротехникеи еиуеиԥшым аоптикатә хархәагақәеи.