Актәи аканал – Ателешкол «Аматематиакатә онлаин-олимпиада» аиааирагаҩцәа аҳамҭақәа роуит
Актәи аканал – Ателешкол «Аматематиакатә онлаин-олимпиада» аиааирагаҩцәа аҳамҭақәа рыҭара ацеремониа мҩаҧысит. Ауаажәларратә дырраҭара агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили ишылҳәаз ала, аолимпиада аҽаалархәразы арегистрациа иахысит 4000ҩык ахәыҷқәа, ари ахыҧхьаӡара дууп, уи ауп Актәи аканал Ателешкол азы зегьы реиҳа ихадоу.
Ақырҭуа ателеқәыҧшылараҿы абри аҩыза апроект хаангьы иҟамызт, уи абзоурала, Қырҭтәыла зехьынџьара иҟоу ахәыҷқәа, хәыда-ҧсада, аолимпиада аҽалархәра рылшоит.