Акоординациатә хеилак аӡынтәи акурортқәа рҿы иҟоу атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит арегулиациақәа рықәныҟәарц
Акоординациатә хеилак аӡынтәи акурортқәа рҿы иҟоу атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит арегулиациақәа рықәныҟәарц

Акоординациатә хеилак аӡынтәи акурортқәа рҿы иҟоу атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит атәылаҿ ишьақәгылоу арегулиациақәеи аҵасқәеи рықәныҟәарц.

Акоординациатә хеилак аилатәара ашьҭахь Аусбарҭабжьаратә акоординациатә хеилак иаҵанакуа аоперативтә штаб аиҳабы Гаргь Ӷибраӡе ишазгәеиҭаз, ашьхатә курортқәа рҿы акоронавирус афактқәа рырацәахара атенденциа иубарҭоуп.

„Аӡынтәи акурортқәа рҿы иҟоу атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит атәылаҿ ишьақәгылоу арегулиациақәеи аҵасқәеи рықәныҟәарц. Асабрадақәа рныҟәгара аҵак ду амоуп,” – иҳәеит Ӷибраӡе.