Аконституциа инақәыршәаны, атәыла ахада аимпичмент ала дамхуп ҳәа иҧхьаӡахоит ари аӡбара иадгылар апарламент аилазаара наӡа  ахҧа аҟынтә ҩ-хәҭак еиҵамкәа
Аконституциа инақәыршәаны, атәыла ахада аимпичмент ала дамхуп ҳәа иҧхьаӡахоит ари аӡбара иадгылар апарламент аилазаара наӡа  ахҧа аҟынтә ҩ-хәҭак еиҵамкәа

 

Аимпичмент ала ауаҩы аусура иамхра азҵаара ақәыргылара азин рымоуп апарламент аилазаара наӡа аҟынтә ахҧа рыхәҭак.

Аимпичмент апроцедура инарҭбааны иарбоуп Аконституциа 48-тәи ахәҭаҷ аҿы. Аконституциа инақәыршәаны, ари азҵаара Аконституциатә аӡбарҭа иарҭоит, аӡбарҭа ари азҵаара иахәаҧшны, мызкы иахымгакәа, апарламент аихшьаала азцәырыргоит. Аконституциатә аӡбарҭа ахатә аихшьаалаҿы ишьақәнарҕәҕәар аҳәынҭқарратә маҵзуҩы Аконституциа шеилеигаз, ма ихымҩаҧгашьаҿы ацәгьоура адыргақәа шыҟоу, апарламентаҿ аихшьаала анцәырыргалак ашьҭахь ҩымчыбжь ирхымгакәа, апарламент ари азҵаара иахәаҧшны, ауаҩы аимпичмент ала аусура иамхразы абжьыҭира мҩаҧыргоит.

Аконституциа инақәыршәаны, атәыла ахада аимпичмент ала дамхуп ҳәа иҧхьаӡахоит ари аӡбара иадгылар апарламент аилазаара наӡа  ахҧа аҟынтә  ҩ-хәҭак еиҵамкәа.

Аконституциа инақәыршәаны, апарламент, иҳәаақәҵоу аҿҳәара иалагӡаны аимпичмент ала ауаҩы аусура иамхразы аӡбара аднамкылар, зыӡбахәы ҳәоу ашьаҭала аимпичмент апроцедура аиҭалагара ҟалом.

„Ақырҭуа гәахәтәы“ атәыла ахада Саломе Зурабишвили лимпичмент апроцедура иалагоит. „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, Саломе Зурабишвили Қырҭтәыла Аконституциа еилалгеит, аиҳабыра рықәшаҳаҭрада аҳәаанырцә авизитқәа рымҩаҧгара далагеит. Кобахиӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла Аконституциа инақәыршәаны, Қырҭтәыла аиҳабыра мацара роуп атәыла аҩныҵҟатәигьы адәныҟатәигьи аполитика амҩаҧгаразы азинмчы змоу, Қырҭтәыла ахада атәыла аиҳабыра рықәшаҳаҭхара мацаралоуп адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рҿы ахаҭарнакратә зинмчы амҩаҧгара шлылшо.