Аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭразы аиҿкаара  уаҵәтәи изаамҭаным аилатәараҿы Шәамахьтәыла ацхраара иалацәажәоит
Аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭразы аиҿкаара  уаҵәтәи изаамҭаным аилатәараҿы Шәамахьтәыла ацхраара иалацәажәоит

Аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭразы аиҿкаара  уаҵәтәи изаамҭаным аилатәараҿы Шәамахьтәыла ацхраара иалацәажәоит. Ари атәы иануп Telegram ала аиҿкаара иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.

Аилатәара мҩаҧысуеит  онлаин-режимаҿ.

Кремль ишырҳәаз ала, аилатәаара ихы алаирхәит Урыстәыла ахада Владимир Путин. Иара убас, ишдыру ала, жьҭаара анҵәамҭаз Шәамахьатәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниани, Азербаиџьан ахада Илҳам Алиеви, Урыстәыла ахада Владимир Путини Шәача еиҧылоит.

Цәыббра алагамҭаз ашәамахь-азербаиџьантәи аҳәааҿ аҭагылазаашьа еицәахеит. Аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭразы аиҿкаараҿы ишырҳәаз ала, ари аимак адипломатиатә мҩала аҭыҧ иқәҵатәуп.