«Аџьархьыӡрацаҩцәа» Амилаҭқәа рлигаҿы аҩбатәи аматч аҿы Болгариа аизга ирҧылоит  - шәахәаҧш Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы  #1TVSPORT
«Аџьархьыӡрацаҩцәа» Амилаҭқәа рлигаҿы аҩбатәи аматч аҿы Болгариа аизга ирҧылоит  - шәахәаҧш Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы  #1TVSPORT

Иахьа Қырҭтәыла аизга Амилаҭқәа рлига аҧшьбатәи атур аҿы Болгариа аизга ирҧылоит.  3 матчк рышьҭахь  агәыҧ аҿы Қырҭтәыла аизга аҧхьагылара амоуп. Аболгарцәа 2 баллк рымоуп.
Аматч азы абилеҭқәа зегьы рҭихьеит. 54 нызқьҩык ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоу  «Динамо Арена» ишеибгоу иҭәызаауеит.

Болгариатәи аделегациа Қарҭ ианааи  амашәыр рыхьит  – авариа амшала болгариатәи ахәмарҩы  Тодор Неделев ааха ҕәҕәа иоун, Қарҭ зыҧшра ҟамҵакәа аоперациа изыҟарҵеит. Ақырҭуа аҳақьым Шьалуа Ингороҟва  болгариатәи ахәмарҩы иҧсҭазаара еиқәирхеит.

Аматч ахырҧара ашәарҭра иҟан, аха, аболгарцәа ашҭашҟа иҭыҵырц рыӡбеит.

Қырҭтәылеи Болгариеи реизгақәа рматч иалагоит асааҭ  20:00 рзы. Аматч аҟынтә ишишо ицо арепортаж жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы, арадиорепортаж   — Ақырҭуа радио аҿы  (FM 102.3).