Аихқәа ишаарыцҳаз, Ереван акциа аҿы  аиҿагылараан 60-ҩык рҟынӡа аахра роуит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Ереван акциа аҿы аиҿагылараан 60-ҩык рҟынӡа аахра роуит

Иацы, рашәара 3 рзы, Ереван Прошиан-Демирчиан амҩақәа рҿы аполициа хаҭарнакцәеи аҵысра”Аҿагылара” ахаҭарнакцәеи реиҿагылараан аахақәа зауз рхыԥхьаӡара 60-ҩык рҟынӡа инаӡеит, урҭ иреиуоуп 39-ҩык аполициаа.

Ари атәы аарыцҳаит аҭыԥантәи аихқәа Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Амедицинатә цхыраара рзаарԥшын 50-ҩык, урҭ ахәышәтәырҭа иалырҩаахьеит.

Аиҿагылара уахынла ҟалеит.