Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Украина ахьыԥшымра амш инамаданы, Кит Келлог Киев даҭауеит
Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Украина ахьыԥшымра амш инамаданы, Кит Келлог Киев даҭауеит

Украина ахьыԥшымра амш инамаданы, Украина азҵаарақәа рзы ЕАШ ахада ихаҭарнак ҷыда Кит Келлог Киев даҭауеит.

“Роитер” аинформациа ала, Келлог ҳазҭагылоу амчыбжь азы алидерцәа адипломатиатә рҽазышәарақәа дрыхәаԥшуеит.

Авизит мҩаԥгхоит ЕАШ-и, Украинеи Урыстәылеи ашәарҭадаратә гарантақәа рыхцәажәара афон аҿы.

Уаанӡа аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои Украина ахада иофис анапхгаҩы Андреи Ермаки абжьагаҩ иҟны аиԥылараҿ Украина ашәрҭадаратә гарантиақәа раиур азҵаара иазааҭгылеит.

Киев иаҭааз НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Марк Рутте ишазгәеиҭаз ала, европатәи атәылақәеи ЕАШ-и реиқәшаҳаҭра иахылҵуа ашәарҭадаратә гарантиақәа аҩаӡарақәа ҩба рымазаауеит.