АИХ ишаарыцҳаз ала, иааиуа амчыбжь инаркны Азербаиџьан китаитәи алаҵақәа рыҟаҵара иалагоит
АИХ ишаарыцҳаз ала, иааиуа амчыбжь инаркны Азербаиџьан китаитәи алаҵақәа рыҟаҵара иалагоит

Ҭырқәтәылеиԥш, Азербаиџьан Аиҳабыра акоронавирус азы китаитәи алаҵақәа аархәеит. Ари атәы аарыцҳаит аҭыԥынтәи аих.

Иҟоу адыррақәа рыла, акоронавирус азы алаҵақәа рыҟаҵара иаауа амчыбжь азы иалагоит. Иашьашәалоу аҳәамҭа ҟаиҵеит аминистрцәа ркабинет апрессмаӡаныҟәгаҩ Ибрахим Мамедов.

Мамедов иажәақәа рыла, ари азҵаараҿ Ҭырқәтәылеи Азербаиџьани аусеицура нарыгӡоит.