АИХ – Иаха Џьамтәыла арратә инфраструктура астратегиатә обиектқәа рҿы аҧжәарақәа ҟалеит
АИХ – Иаха Џьамтәыла арратә инфраструктура астратегиатә обиектқәа рҿы аҧжәарақәа ҟалеит

АИХ  адыррақәа рыла, иаха Џьамтәыла арратә инфраструктура астратегиатә обиектқәа рҿы аҧжәарақәа ҟалеит.

Аларҵәара зауз аинформациала,  Шахид-Салими ақалақьаҿ  амотортә хәшақәеи аҧырҩыдатә апҧырратә аппаратқәеи рзауади, иара убас, Исфахан апровинциаҿы аџьаҧҳаны ахьыҟарҵо азауади  амца рыцралеит.

Иара убас,  Дизфуль ақалақьаҿ иҟоу авиабазеи,  ақалақьқәа  Хамадани  Решти рҿы  аҧжәарақәеи абылреи  иазкны аинформациа иҟоуп.

Тегерангьы аҧжәарақәа ҟалеит. Аҭыҧантәи ауааҧсыра ишырҳәаз ала,  уаҟа аиҳабыратә хыбрақәа ирықәлеит.