АИХ адыррақәа рыла, Урыстәыла ала Киев абомбақәа алажьра амшала иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлеит
АИХ адыррақәа рыла, Урыстәыла ала Киев абомбақәа алажьра амшала иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлеит

 Урыстәыла ала Киев абомбақәа алажьра амшала иҭахаз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара ацлеит. АИХ адыррақәа рыла ҧшьҩык ҭахеит. Аиқәырхаҩцәа даҽаӡәы иҧсыбаҩ рбеит.

Украина ахада иадминистрациа адыррала, атәыла аҳаирхьчаратә системала иқәхын Киев ахырхарҭала идәықәҵаз амҵәыжәҩатә ракетақәа хҧа.

Украина анапхгара рҳәамҭала,  аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Урыстәыла ала идәықәҵаз адронқәа -камикаӡе Украина аҵакырадгьыл иалалеит аладантәи.

Украина арбџьармчқәа аспикер Иури Игнат ишиҳәаз ала, зынӡа идәықәҵан 43 адронқәа-камикаӡе, урҭ рҟынтә  37 Украина аҳаирхьчаратә системақәа рыла иқәхын.