АИХ адыррақәа рыла, Китаи  Covid-аҧкрақәа ирыдҳәалоу апротесттә акциақәа рацәахеит 
АИХ адыррақәа рыла, Китаи  Covid-аҧкрақәа ирыдҳәалоу апротесттә акциақәа рацәахеит 

 

Урумчи ақалақьаҿ иҟалаз абылра ашьҭахь,  Covid-аҧкрақәа ирыдҳәалоу апротесттә акциақәа егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы имҩаҧысуеит.  ВВС адыррала, Шанхаи зқьҩыла ауааҧсыра аҧкрақәа ирыдҳәаланы апротест аҟаҵареи иҭахаз ауаа ргәаларшәареи азы адәахьы идәылҵит.

Апротесттә акциақәа афотои авидеои материалқәа асоциалтә аҳақәа рҿы аларҵәара роуит.  Адемонстрациа алахәылацәақәак китаитәи алидер  Си Цӡинпин иамхра иаҳәоит.

Абҵара 25 рзы Урумчи ақалақьаҿ аихагылара рацәа змоу ахыбраҿ абылра ҟалеит, жәаҩык ҭахеит. Аҭыҧынатәи ауааҧсыра  рҳәамҭала, арҭ ауаа ҭахеит иаамҭаны ахыбра адәылҵра ахьрылымшаз амшала, избанзар ақалақьаҿ ишьақәыргылоу алокдаун арежим амшала ахыбра аҭыҵырҭа хәҭала иаркын.

Китаи анапхгара  рыӡбарала,  Синьцзиан ақалақьаҿ иџьбароу акарантин шьақәгыргылоуп, ауаа аҩны адәылҵра азин рымам.  Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ақалақьаҿ   100ҩык акоронавирус рыдбалоуп.