Аиустициа аминистрра - Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаԥариӡеи Анаклиатәи абаӷәаза иазку аус аҿы Вашингтонтәи абжьаҟазаратә аӡбарҭаҿы иаҵахеит
«Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаԥариӡеи Анаклиатәи абаӷәаза иазку аус аҿы Вашингтонтәи абжьаҟазаратә аӡбарҭаҿы иаҵахеит», – аанацҳаит Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра.
Аусҳәарҭа аинформациа аҿы, Вашингтонтәи абжьаҟазаратә аӡбарҭа (Адунеи абанк аԥнаҵаз Аинвесициатә аимакқәа рҭыԥқәҵаразы жәларбжьаратә ацентр ICSID) Анаклиатәи абаӷәаза иазку аус азы аӡбамҭа аднакылан, Қырҭтәыла аиҳабыра рҭахрақәа нанагӡеит.
«Вашингтонтәи абжьаҟазаратә аӡбарҭа шьақәнарӷәӷәеит Анаклиатәи абаӷәаза апроект ахыбгаларазы аҭакԥхықәра Мамука Хазараӡеи Бадри Џьаԥариӡеи шрыду, Қырҭтәыла аиҳабыра ари ишхарам”, – иануп Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аҳәамҭаҿы.
Аусҳәарҭа аҳәамҭаҿ ишану ала, аимак аҳәаақәа ирҭагӡаны, Хазараӡеи Џьаԥариӡеи голландиатәи рпартниор Боб Меиер аҳәынҭқарра аҟынтә 64 миллион америкатә доллар ашәара даҳәон, аха абжьаҟазаратә аӡбарҭа ари иақәшаҳаҭымхеит, уи акәым, Боб Меиер Қырҭтәыла аиҳабыра 6.5 миллион доллар рзишәароуп.
«Ауаажәлар ирдыруеит ҵыԥх «Анаклиатәи абаӷәаза аҿиара аконсорциум» Париж абжьаҟазаратә аӡбарҭа шаҵахаз. Парижтәи абжьаҟазаратә аӡбарҭаҿ Хазараӡеи Џьаԥариӡеи рыҳәарақәа иақәшаҳаҭымхеит, уи акәым, Хазараӡеи Џьаԥариӡеи 650 000 америкатә доллар ашәара рықәнаҵеит», – иануп Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аҳәамҭаҿы.