Аиқәырхаратә операциақәа рҿы иҭахаз ма ихәыз аруаа рыхшара аҵаратә грантқәа роуеит
Аиқәырхаратә операциақәа рҿы иҭахаз ма ихәыз аруаа рыхшара аҵаратә грантқәа роуеит

Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рзы амаҵ зуа ахаҿқәа, арратә маҵзуҩцәа, аиқәырхаратә операциақәа рҿы иҭахаз ма ихәыз аруаа рыхшара аҵаратәи  акультуратәи, амедицинатәи цсҳәарҭақәа рҿы апривилегиақәа рымазаауеит.

Аминистрра аинформациа ала, аҵаратә ашықәс ҿыц инаркны, Атәылахьчара аминистрраҿ иҟоу асоциалтә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла атерритоиатә акзаара зхы ақәызҵаз аруааи, иара убас жәларбжьаратәи аиқәырхаратә операциақәа рҿы иҭахаз ма ихәыз аруааи, зылшарақәа ԥку аруааи рыхшара аҵаратә грантқәа роуеит.

“Аҵаратә грантқәа раиура абакалавриати амагистратуреи ирҭоу астудентқәа рылшоит. Аиҳабыра рықәҵара амч аиуеит 2022-2023 аҵаратә ашықәс инаркны..