Аилахәыра „IDS Борџьоми“ аусуҩцәа акциа мҩаԥыргоит
Аилахәыра „IDS Борџьоми“ аусуҩцәа акциа мҩаԥыргоит

Аилахәыра „IDS Борџьоми“ аусуҩцәа акциа мҩаԥыргоит. Урҭ аменеџьмент аҟынтә ироуз аконтракт ҿыцқәа ирықәшаҳаҭым.

Акциа мҩаԥырго аусуҩцәа аконтракт ҿыцқәа рнапы аҵарҩуеит азауад аусура аналаго, ԥасатәи аконтракт ала иазыԥхьагәаҭаз аҭагылазаашьа дырхынҳәуазар.

Асанкциақәа рымшала, „IDS Борџьоми“ аамҭала аусура иаҟәыҵуеит. Аилахәыра иаланарҵәаз аҳәамҭа инақәыршәаны, „Украина аибашьра ианалага инаркны, аилахәыра  „IDS Борџьоми“ аҭагылазаашьа цәгьахеит“.

„Аилахәыра аалыҵ  ахьырҭиуаз  аџьармыкьа хадаҿы аҭагылазаашьа цәгьа инаваргыланы, абанктә хыҧхьаӡара ахархәара аганахьалагьы апроблемақәа цәырҵит, аилахәыра авалиутатә хашәала аиуреи акредиторцәа аҧара рызшәара алшом. Убри аҟынтә, аилахәыра, мшаҧы  29 инаркны, аамҭала аусура иаҟәыҵуеит. Хара имгакәа аҭагылазаашьа еиҕьхар, аусура аиҭалагара ҳалшап  ҳәа ҳгәыҕуеит “, –  аарыцҳаит  „IDS Борџьоми“ аҟынтә.

2013 шықәса инаркны, „IDS Борџьоми“ ахылаҧшратә  – 60%-тәи апакет аурыс еилахәыра  „Альфа гәыҧ“ иатәуп.   „Альфа гәыҧ“ ашьаҭаркҩы Михаил Фридман асанкциақәа ззышьақәыргылоу аолигархцәа рсиа дануп.