Аилахәыра "Енкеи" Қырҭтәыла аиҳабыреи ирыбжьаз аконтракт аофициалла аԥыхуп
Аилахәыра "Енкеи" Қырҭтәыла аиҳабыреи ирыбжьаз аконтракт аофициалла аԥыхуп

Аилахәыра “Енкеи” Қырҭтәыла аиҳабыреи ирыбжьаз аконтракт аофициалла аԥыхуп – ари иануп ENKA Insaat аланарҵәаз 2021 шықәсатәи афинанстә аҳасабырбаҿ.

Аҳасабырба инақәыршәаны, Қырҭтәыла аҳәынҭқарреи “Енка риниуеблз”-и рыбжьара “Намахвангес” аргылара иазкыз аинвестициатә аиқәшаҳаҭра аофициалла аԥыхуп.

Афинанстә аҳасабырба аҿы ишану ала, “Намахвангестәи” аӡфымцалашаратә станциа аргыларазы 40.4 миллион доллар иаҟараз  аинвестициеи иашьашәалоу атехникатә аибыҭареи анырхит.

“Намахвангес” аргыларазы аинвестициа 800 ииллион доллар иаҟаран.