Аилахәыра "Астразенека" аинформациа ала, дара иҭрыжьуа алаҵа абустердоза, "Омикрон" аҿагылара алшоит
Швециа-Британиатәи афармацевттә аилахәыра “Астразенека” Оксфордтәи ауниверситет аҿы имҩаԥыргаз аҭҵаарақәа шьаҭас аҭаны аланарҵәаз аинформациа ала, дара иҭрыжьуа алаҵа Vaxzevria ахԥатәи – абустердоза, акоронавирус аштамм ҿыц “Омикрон” аҿагылара алшоит.
Ари атәы аанацҳаит “Роитер”.
Аҭҵааҩцәа рҳасабрбаҿ ишану ала, алаҵа “Астразенека” ахԥатәи адоза акоронавирус аштамм ҿыц “Омикрон” аҿагылараҿ аеффект ду аанарԥшит.