Аиҟәшаратә цәаҳәа иазааигәаны инхо ауааҧсыра, аӡынразы арҧхара рзеиқәыршәаразы, афинанстә цхыраара рырҭоит
Аиҟәшаратә цәаҳәа иазааигәаны инхо ауааҧсыра, аӡынразы арҧхара рзеиқәыршәаразы, афинанстә цхыраара рырҭоит

Аиҟәшаратә цәаҳәа иазааигәаны инхо ауааҧсыра, аӡынразы арҧхара рзеиқәыршәаразы, афинанстә цхыраара рырҭоит, иара убас, 2023-2024  аҵаратә ашықәс азы астудентцәа аҧара рзоушьҭра нагӡахоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аҳәынҭқарратә министр иаппарат.

«Аиҟәшаратә цәаҳәа иазааигәаны инхо ауааҧсыра рҭахрақәа рықәҿыҭра иазку аамҭалатәи аиҳабыратә комиссиа 27-тәи аилатәараҿы ишырыӡбаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра, аӡынразы арҧхара рзеиқәыршәаразы, афинанстә цхыраара рырҭоит, иара убас, 2023-2024  аҵаратә ашықәс азы астудентцәа аҧара рзоушьҭра нагӡахоит.

2013 шықәса инаркны,  арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр инапхгарала,  аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр лхантәаҩрала,  аусбарҭабжьаратә аиҳабыратә комиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны,  аимак амшала азарал зауз ауаааҧсыра рзы асоциалтәи,  аҵаратәи,  ақыҭанхамҩатәи,  агәабзиарахьчаратәи программақәа мҩаҧысуеит», — иануп аҳәынҭқарратә министр иаппарат аинформациаҿы.