Аиҳабыра радминистрациа – Сынтәа лаҵара 26 девизс иамоуп „Ахақәиҭра абзиабрала“, аҳҭнықалақьаҿ, иара убас, Қырҭтәыла зехьынџьара амилаҭтә символика цәырхагоит
Сынтәа лаҵара 26 девизс иамоуп „Ахақәиҭра абзиабрала“, аҳҭнықалақьаҿ, иара убас, Қырҭтәыла зехьынџьара амилаҭтә символика цәырхагоит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аҟынтәи.
Дара рҳәамҭала, 2016 шықәса инаркны, есышықәса ари амш атематика ацлоит, уи инақәыршәаны аҽаҧсахуеит акампаниеи, алозунги, адныҳәаларақәеи, ақалақьқәа рҩычареи.
„Акыршықәса ҵуеит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш жәлар рныҳәас иҟалеижьҭеи. 2016 шықәса инаркны, есышықәса ари амш атематика ацлоит, уи инақәыршәаны аҽаҧсахуеит акампаниеи, алозунги, адныҳәаларақәеи, ақалақьқәа рҩычареи. Сынтәа лаҵара 26 девизс иамоуп „Ахақәиҭра абзиабрала“, аҳҭнықалақьаҿ, иара убас, Қырҭтәыла зехьынџьара амилаҭтә символика цәырхагоит. Ҵыҧх ари аныҳәа темас иаман „Европаҟа“. Иаҳҳәап, 2018 шықәсазы Қырҭтәыла ахьыҧшымра 100 шықәса ахыҵра азгәаҳҭон, 2017 шықәсазы ари аныҳәа Русҭавели 850 шықәсатәи иубилеи иазкын“, – ирҳәеит аиҳабыра радминистрациаҿы.