Аиҳабыра радминистрациа аҩналарҭа арыцқьаразы аполициа аусуҩцәа акциа алахәылацәа аҿҳәара рырҭеит
Аиҳабыра радминистрациа аҩналарҭа арыцқьаразы аполициа аусуҩцәа акциа алахәылацәа аҿҳәара рырҭеит

Аиҳабыра радминистрациа аҩналарҭа арыцқьаразы аполициа аусуҩцәа акциа алахәылацәа аҿҳәара рырҭеит.

Иацы апарламент аԥхьа аҵысра “Аҩныҟа Европаҟа” аиҿкаарала акциа мҩаԥган. Уахынла акциа алахәылацәа аиҳабыра ардминистрациа ахыбра ԥхьа ииасын, уа иаанхеит.

Акциа аиҿкааҩцәа руаӡәы, аҵысра “Аҩныҟа Европаҟа” ахаҭарнак Шоҭа Диӷмелашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, иахьа шьыжьымҭан аиҳабыра реилатәара мҩаԥысроуп, убри аҟынтә аиҳабыра рнапхгаҩы адискомфорт изышьақәдыргылар азы, урҭ аиҳабыра радминистрациа аԥхьа акциа мҩаԥыргоит.