Аибашьра ианалага ашьҭахь ахыҵәахырҭас иҟаз Харковтәи аметро уаҵәы аусура еиҭалагоит
Аибашьра ианалага ашьҭахь ахыҵәахырҭас иҟаз Харковтәи аметро уаҵәы аусура еиҭалагоит

Украина аибашьра ианалага ашьҭахь ахыҵәахырҭас иҟаз Харковтәи аметро уаҵәы аусура еиҭалагоит. CNN аинформациа ала, ари атәы ааицҳаит ақалақь ахада Игор Терехов.

Аибашьра ианалага ашьҭахь, урыстәылатәи ар имҩаԥнагоз ахысрақәа раан, Харковтәи аметро аҿы аҭыԥантәи уааԥсыра рҽырҵәахуан.

Ақалақь ахада иажәақәа рыла, аметро аус ауеит асааҭ 07:00 инаркны асааҭ 19:00-нӡа, аха адәыӷбақәа рыбжьара аинтервалқәа духоит.