Аҳәынҭқарратә министр иаппарат - Қырҭтәыла иахьынӡанаӡааӡо зегьы Аҧсуа бызшәа амш рыдаҳныҳәалоит
Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат Қырҭтәыла иахьынӡанаӡааӡо ауааҧсыра зегьы Аҧсуа бызшәа амш рыднаҳәалоит. Ари атәы иануп Аҳәынҭқарратә министр иаппарат иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аҭынчратә политика аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧсуа бызшәа ахьчареи, аиҷаҳареи, аҭҵаареи иазку аҽазышәарақәа нагӡахоит.
„Аҧсуа бызшәа Қырҭтәыла ахкырацәаратә культуреи иаку абызшәатә ҭынхеи иаҵанакәеит, аҧсуааи ҳареи ҳакзаара иасимволуп, ари абызшәа ҳаиднаҳәалоит. Акыршықәса рыҩныҵҟа Аҧснытәи арегионаҿ имҩаҧысуа азакәандаратә ампыҵахалареи арусификациеи амшала, аҧсуа бызшәеи акультуреи ақәӡаара ашәарҭара иҭагылеит. Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ари абызшәа ахьчареи, аҿиареи, аҭҵаареи ахадаратә ҵакы змоу аҧыжәарақәа иреиуп. Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аҭынчратә политика аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧсуа бызшәа ахьчареи, аиҷаҳареи, аҭҵаареи, иара убас, аӡыргареи иазку аҽазышәарақәа нагӡахоит, ари афактор аҵакы ду амоуп иаку Қырҭтәыла ҕәҕәа аҿы иаҳзеиҧшу аҭоурых ашьаҭала акультуратә аимадарақәеи ҭынч аицынхареи аиҭашьақәыргыларазы“, – иануп Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарат аинформациаҿы.