Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ажьырныҳәа 17 инаркны Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, асы ауеит
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ажьырныҳәа 17 инаркны Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, асы ауеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ажьырныҳәа 17 инаркны Қырҭтәыла зехьыньара хьшәашәарахоит.

“Ажьырныҳәа 137 инаркны 20-нӡа мрагыларатә Қырҭтәылаҿ алышәшәақәа леиуеит, ашьхараҿ асы ауеит, аҧсҭҳәеи афырҭыни иазыҧшуп, афымцамҩангагақәа ҵаахар ауеит.

Асыԥса дәықәлара ашәарҭеи ицәгьоу аметеорологиатә ҭагылазаашьеи ирыхҟьаны, мҩақәак рҿы арежим ҷыдақәа шьақәгылар ҟалап.

Џьара-џьара асыԥса дәықәлареи, анаҟәеи, асыҭәҳәеи ҟалоит (ашәарҭа аҩаӡара – абжьаратә”, — аарцыҳаит Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аҟынтә.