Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, хәажәкыра 11-13 рзы Қырҭтәыла аҳауа аԥхарра 27 градус иаҟарахоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра хәажәкыра 11-13 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.
Қарҭ аҳауа аԥхарра ҽынла +23, +25 C иаҟарахоит.
Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, иԥхаррахоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +24, +26°C иаҟарахоит.
Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +20, +23°C. иаҟарахоит.
Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +12, +17°C иаҟарахоит.