Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, цәыббра 18-20 рзы Қырҭтәыла аҵакыраҿ ақәа леиуеит, адыди амацәыси, акырцхи ҟалоит, амшын аҿы ашторм ҟалоит
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, цәыббра 18-20 рзы Қырҭтәыла аҵакыраҿ ақәа леиуеит, адыди амацәыси, акырцхи ҟалоит, амшын аҿы ашторм ҟалоит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, цәыббра 18-20 рзы Қырҭтәыла аҵакыраҿ ақәа леиуеит, адыди амацәыси, акырцхи ҟалоит, амшын аҿы 3-4 баллк иаҟароу ашторм ҟалоит.

«Ақәоура амшала Қырҭтәыла аӡиас хәыҷқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә ҭыҧқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап (ашәарҭа аҩаӡара – абжьаратә)», — иануп аинформациаҿы.