Аԥсабаразы амилаҭтә агентра мшаԥы 15-17 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аладырҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, мшаԥы 17-нӡа Қырҭтәыла аҳаутә лышәшәақәа ҟалоит, мшаԥы 17 рзы амш еилгоит.
Қарҭ мшаԥы 15-16 рзы ақәа леиуеит, мшаԥы 16 рзы алада-мраҭашәара ахырхарҭала аԥша асуеит. Мшаԥы 15-16 рзы аҳауа аԥхарра ҽынла +12, +14 градус иаҟарахоит, мшаԥы 17 рзы – +20 градус.
Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): мшаԥы 15 рзы ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +10, +12 градус иаҟарахоит. Мшаԥы 16-17 рзы амш еилгоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +17,+19 градус иаҟарахоит.
Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) мшаԥы 15-16 рзы ақәа леиуеит, ихьшәашәарахоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +10, +15 градус иаҟарахоит. Мшаԥы 17 рзы амш еилгоит, аҳауа аԥхарра ҽынла +15,+20 градус иаҟарахоит.